Версия для печати
18 апреля 2020

Аҧсны жәлар Ракзаара Афорум ирыланаҳәаз Адныҳәалара

Ҳауаажәлар шәхаҵкы!

Гәык-ҧсыкала ишәыдаҳныҳәалоит иналыукааша аиашахаҵаратә ныҳәамш Амшаҧы, ахирреи ақьиареи зцу Иаса қьырса иеиҭеира Амшныҳәа Ду! Ишәымазааит уи алҧха-агәыҧха! Наунагӡа иҟалааит аизыразра, агәеизыбылра, аҭынч-бзазара – гәаҟреи-ааӡаби згым Ҳаҧсадгьыл аҿы! Анцәа ишәаҭәеишьааит агәамч-гәызҩыдара ду, аҭаацәаратә насыҧ, аманшәалара! Ҧсыҭбара ыҟамкәа ҳаибга–ҳазҩыда ҳалҵааит адунеи ауааҧсыра зегьы ршьара иқәызҟьаз ачымазара бааҧсы! Ҳажәлар ирҟәыблаазааит арыцҳара, агәаҟра, амашәыр, агәамбзиара! Ҳазегь ҳхы ҳзыхьчар, ҳгәабзиара ҳаиҷаҳар, ҳаиҳабыреи ҳҳақьымцәеи иҳабжьыргаз аҧҟара ҳақәныҟәар, рыцҳарак ҳамҧын иқәлараны иҟаӡам!

Даҽазныкгьы ишәыдаҳныҳәалоит Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы инхо-инҵуа, Аҧсны анҭыҵ иҟоу ҳауаажәлар, ҳџьынџьуаа зегьы – хәыҷи-дуи, – Ари аныҳәамш–лаша! Шәымҩақәеи шәхәышҭаарақәеи каххаа иарлашааит ҳгәыҕрақәа еихазҳауа Амшаҧшара!

Дорогие соотечественники!

Искренне поздравляем вас с великим, светлым православным праздником – Пасхой – Воскресением Христовым!

Пусть Благословение Божье осеняет всех нас в наших праведных делах и благих помыслах! Крепкого Вам здоровья, мира, счастья и благополучия, душевного тепла, добра и благополучия! Пусть Господь поможет нам преодолеть все невзгоды и все недуги! Пусть многострадальный народ Абхазии живет в мире и добром согласии!

С праздником, дорогие друзья!

РПП «ФНЕА».

г. Сухум.

Прочитано 2793 раз

Похожие материалы (по тегу)